"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".
Апрель 11 рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат аҟны имҩаҧган араион алитераторцәа ҿарацәа рсеминар, иара убас апоезиа ахәылҧаз.
Март 21 – апоезиа Адунеизегьтәи амш адунеи атәылақәа жәпакы иазгәарҭоижьҭеи акыр ҵуеит. Ап,сны акәзар, уи 2011 ш. раахыс ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ап,шьгарала есышықәса иазгәарҭоит.
Абаҩхатәра злаз иналукааша аԥсуа поет Иуа Коӷониа диижьҭеи 120 шықәса ҵит. Абри арыцхә иазкны уи данииз амш – март 13 рзы аиубилеитә хәылԥазы мҩаԥыргеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Аԥснытәи Амилаҭтә библиотекеи.
Март жәохә рзы Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа 92 ш. ихыҵуеит. Уи имшира инамаданы аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рыхьӡала Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла идныҳәалоит. Агәабзиареи, агәамчи, ақәра дуи, арҿиара агәацԥыҳәареи игымзааит.