Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла



Ажәабжьқәа

АЛИТЕРАТОРЦӘА ҾАРАЦӘА…
Апрель 11 рзы Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҧшьгарала С. П. Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол-интернат…
УАРЧА ИАЗГӘАҬАН…
Март 21 – апоезиа Адунеизегьтәи амш адунеи атәылақәа жәпакы иазгәарҭоижьҭеи акыр ҵуеит. Ап,сны акәзар,…
АШАЕҴӘА ИАДЫРКЫЛОЗ…
Абаҩхатәра злаз иналукааша аԥсуа поет Иуа Коӷониа диижьҭеи 120 шықәса ҵит. Абри арыцхә иазкны уи данииз…

Аидгыла

Арҿиаратә еидгылақәа раҧҵара апроцесс раҧхьаӡа иргыланы ихацыркхеит Урыстәыла 1917 ш., ҩ-револиуциак (Февральтәи Октиабртәи) рышьҭахь. Уи аҽарӷәӷәеит 20-тәи ашықәсқәеи 30-тәи ашықәсқәеи рылагамҭеи раан, еиҳаракгьы Москвеи Петрогради. Арҭ ашықәсқәа рзы ицәырҵуа иалагеит еиуеиҧшым алитературатә хырхарҭақәа еиуеиҧшым аидеологиатәи аестетикатә ҳәаақәҵареи рыцны. Урҭ лассы-лассы уасхырс ироуан апоетцәеи апрозаикцәеи еиуеиҧшымыз реидҵарақәа. Иҭрыжьуан рхатә газеҭқәа, ажурналқәа, альманахқәа...

Анаҩс