Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла асаит
АҦС РУС

"Амилаҭ хәыҷы алитература ду рымазар ауеит. Сара уи агәра згоит".

Д. И. Гәлиа

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

Аҧсны Аҳәынҭқарра

ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла

АԤСҬАЗААРА ИАЦУ «АНЫҞӘАШӘА»



АԤСҬАЗААРА ИАЦУ «АНЫҞӘАШӘА»

Аҧсны акультура аминистрреи Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи рҟнытә адоуҳатә культура ҳаҭыр ззақәу ааҧхьара рыман ииуль 22 рзы С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны имҩаҧысуаз, еицырдыруа аҧсуа поет, апрозаик, алитератураҭҵааҩ, акритик, апублицист, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы Борис Алмасхан-иҧа Гәыргәлиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз аиубилеитә хәылҧазы «Аныҟәашәа» ашҟа.  

Атеатр аҩбатәи аихагыла афоие аҟны еиҿкаан Борис Гәыргәлиа  ифотосахьақәеи, ишәҟәқәеи, иара изкны апериодикатә кьыҧхь ианылахьоу  икьыҧхьымҭақәеи рцәыргақәҵа (ашәҟәқәа рцәыргақәҵа еиҿыркааит Амилаҭтә библиотека аусзуҩцәа). Ацәыргақәҵа Борис Гәыргәлиа инысмҩа даҽазныкгьы иазхьанарҧшит.

Аиубилеитә хәылҧазы ашҟа имҩахыҵит ашәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, аҿар, алитература абзиабаҩцәа, зиубилеи азгәарҭоз арҿиаҩы иҭаацәа, игәакьацәа, иуа-иҭахы, иааигәаны дыздыруаз иҩызцәа-иқәлацәа, аҿар. Аиубилеитә хәылҧазы рҽаладырхәит Аҧсны Ахада Б. Гәынба, уи иусбарҭа анапхгаҩы Б. Ешба, Аҧсны Аҧыза-министр В. Делба, уи актәи ихаҭыҧуаҩ Џь. Нанба, ихаҭыҧуаҩ В. Миносиан, Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Ф. Аҩӡба, Аҧсны Акультура аминистр Д. Ақаҩба уҳәа егьырҭ аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа, Аҟәа ақалақь Ахадара анапхгара рхаҭарнакцәа, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩцәа, акультуреи аҟазареи рымаҵ зуа.

Аиубилеитә хәылҧазы аартуа Аԥсны жәлар рартист Кь. Ҳагба даԥхьеит Б. Гәыргәлиа иажәеинраала «Аныҟәашәа». Иажәа иацҵауа арҿиаҩы дихцәажәауа дазааҭгылеит: «Борис Алмасхан-иԥа, исахьаркыратә ажәаҿы мацара акәым дахьпатриоту, иара дпатриот иашацқьоуп аԥсҭазаараҿгьы, уаҩытәыҩсатә позициалагьы.

Даагылазар ақәԥара далагылан, ҳмилаҭтә хақәиҭразы, хаҭалатәи ҳхақәиҭраз. Борис Гәыргәлиа ианакәзаалакгьы, анаԥшцәа, ахәаԥшцәа, зхы алзыршәшәо, ма ааҵраҿ ус баша имақаруаз рааигәарагьы дымгылацызт, еснагь ақәԥара аилашыраҿы дыҟан. Борис аиашара бзиа избоз, згәы ҭбааз, иразыз, ицқьаз уаҩын. Уи иԥсадгьыли, иуаажәлари, иаԥсуа бызшәеи бзиа ибон, ихәыҷқәа агәбылра диркуан. Уаха аҭаацәа даарылатәар, иаԥсуареи иԥсадгьыли ракәӡан дызлацәажәоз, аԥсадгьыл бзиа ишбатәу, пату шақәҵатәу, ишыхьчатәу, ианаҭаххагьы ухы шақәҵатәу. Машәыршақә иҟамлеит иҷкәын Абзагә иҭахашьагьы. Иахьеи уахеи иаб иҟнытә иаҳауаз ажәақәа дрызхәыцуан, игәникылон. Убри азоуп аӷа хәымга ҳаԥсадгьыл данақәла, Абзагә хшаҭарак ҟамҵаӡакәан дзеибашьуаз, зегь раԥхьагьы ихы зақәиҵаз. Убри аҩыза ишьа-ида иалан, убри аҩыза далааӡан азоуп Борис Гәыргәлиа иҷкәын гәлымҵәах Абзагә дышқәыԥшӡаз рыжәлантә, рыуа-рҭахы, иҩызцәа рыбжьара мацара акәымкәа, инарҭбаан дырдыруа, иааилаҽхәо дзыҟаз. Уи убас иҟаз, убас иааӡаз ҷкәынан, аԥсуаразы шәага-загас дҟауҵартә. Аԥсуара агәыцә аламыс акәзар, аламыс агәыцә–ахаҵара, ахьӡи-ахьмыӡӷи ртәы инагӡаны адырра, аныҟәгара ауп. Ус иҟоу аԥсҭазаараз дшыхиоу аиԥш, уи ахаҵаразгьы дыхиоуп. Иахьа, иахьарнахысгьы ҳаԥсадгьылаҿ, ҳауаажәлар рҿы зыԥсы ҭоу зегьы иԥсы рыцуп уи аҵеи гәлымҵәах.

Минуҭктәи аҿымҭрала ҳрызхәыцып, Аԥсны ахақәиҭраз, зықьнышықәсала зхы ақәызҵахьоу афырхацәа».

Анаҩс иара егьымҩаҧигон.

Ахәылҧаз аҟны иқәгылеит Аҧсны Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Џь. Нанба, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аҧҳазоу, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор А. Касланӡиа, Аҟәатәи Иаарту аинститут аректор В. Кәарҷиа, апоет, ауаажәларратә узуҩы Г. Аламиа.  Иазгәарҭон зымҽхак ҭбааз арҿиаҩы амилаҭтә литературеи аҭҵаарадырреи рҟны илшамҭақәа, илагала хашҭра ақәымкәа ишаанхо. Абар урҭ ақәгыларақәа рыхәҭак рцыҧҵәахақәа:

«Борис Алмасхан-иҧа Гәыргәлиа диит 1935 ш. ииуль 20 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан. Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат , Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор ианашьан «Ахьӡ-Аҧша» аорден аҩбатәи аҩаӡара. СССР-и, Аҧсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан.

Аҵара иҵон Кәтоли Тамшьи ршколқәа рҟны. Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәшеи, иара убас СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Адунеитә литература аинститут аспирантуреи дрылгеит.  1968 ш. иихьчаз  акандидаттә диссератациа иахьӡуп «Аҧсуа литератураҿы апоема ажанр: (Ахыҵхырҭақәа, аира, ашьақәгылара)».

1958-1964 шш. раан ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредакциаҿы литературатә усзуҩын. 1968 ш. инаркны аус иуан А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институт (ашьҭахь – Аҧснытәи аҳәынҭуниверситет) аҟны арҵаҩы еиҳабыс, нас аурыси аҳәаанырцәтәи алитературеи ркафедра адоцентс (1973 ш. нахыс), абри акафедра аиҳабыс, афилологиатә-педагогигатә факультет адеканс (1972-1974). 1997 ш. инаркны 2002ш. азынӡа Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан. Б. Гәыргәлиа дреиуоуп Аҟәатәи иаарту аинститут аиҿкааҩцәа.

Жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи, хыҧхьаӡарарацәала алитератураҭҵааратәи алитература-критикатәи статиақәеи еидызкыло ашәҟәқәа дравторуп. 2008ш. аҧсышәала иҭижьит «ХIХ ашә. аурыс  литература аҭоурых» алекциақәа ркурс. Абасала ишьҭа аанижьит», – ижәеит ахәҭакахьала Аҧсны Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ Џь. Нанба иқәгылараан.

Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы В. Аҧҳазоу: «Борис Гәыргәлиа диижьҭеи 90 шықәса аҵра аназгәаҳҭо иаҳгәаламшәар ауам иара иабиԥара реизҳареи  рышьақәгылареи ашықәсқәа раан ирыԥгылоз ауадаҩрақәа.

1940-тәи ашықәсқәа раан Борис Гәыргәлиа иқәлацәа рхатәы бызшәала аҵара рҵартә аҭагылазаашьа рмоуит, аҵара ақырҭшәахь ииаган. Абас, акыр аԥынгылақәа ириааины аҵара зҵаз аԥсуа интеллигенциа дырхаҭарнакуп. Рхатәы бызшәала ацәажәараҵәҟьа азин змамыз ашколхәыҷқәа рыҩнаҭақәа рҟны ишьҭыркааз раԥсуареи рмилаҭ хдырреи рыбзоурала уи аҭагылазаашьа еиҳагьы агәамч рнаҭон, аҵаралашара иазхьанарԥшуан. Борис иакәзар, алитература дазҿлымҳахеит, ихатәы жәеинраалақәа иҩуан, егьицааиуан. 

1997 – 2002 шш. раан Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс даныҟаз, иреиҳау аҵараиурҭаҿ еиԥш, араҟагьы арҿиаратә хеидкыла гәыкала дазааԥсон, ҷыдала дазнеиуан алитераторцәа ҿарацәа реиҵааӡара, урҭ рымҩақәҵара, рҩымҭақәа ркьыԥхьра, рӡыргара. Абаҩхатәра злаз дреигәырӷьон.

Ихаҭа амилаҭтә литература иалеигалеит баҩхатәрала иҩу акыр ажәеинраалақәеи, апоемақәеи, ажәабжьқәеи.

Ақырҭуа милаҭеилыхҩцәа рполитика изанышәомызт Борис Гәыргәлиа иабиԥара. Сталин даныԥсы ашьҭахьгьы уи аполитика аанкыламызт азнеишьа аҽаԥсахит акәымзар. Аамҭа бзиак шԥамааири ҳәа ргәыӷра дырӡуамызт,  амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалагылан. Борис ианаҭахыз аамҭазы, агәаӷьра аарԥшны ижәлар рҿахәы иҳәон, рзинқәа рыхьчара дазықәԥаҩын. Еснагь ииҳәашаз, ишиҳәашаз идыруан, аҿаԥыц бзиа иҿан. Аригьы ибаҩхатәра аганқәа ируакын.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анҵысы, Аԥсадгьыл ахьчараз раԥхьа игылаз аҵеицәа дреиуан фырхаҵарала зыдгьыл гәакьа зыԥсы ахҭнызҵаз  иԥа Абзагә Гәыргәлиа.

Борис Алмасхан-иԥа иҩызцәеи иареи ирааӡаз аҿар хьаҵра ҟамҵакәа Аԥсадгьыл рыхьчон,  зыԥсы ахҭнызҵаз баша иҭамхеит, Аԥсны Аиааира агеит.

Аибашьраан, ахьааи агәырҩеи зыжәҩа хнамҽыз Борис Гәыргәлиа  Мрагыларатәи афронт аҟны аҭабиақәа ирҭатәаз аибашьцәа дырҭаауан, ргәы шьҭихуан, Аиааира агәра дыргауа афырхацәа ирзикуаз иажәеинраалақәа дырзаԥхьон, аизарақәеи алахьеиқәратә митингқәеи рҟны дықәгылон. Даҽакалагьы ихы изымҩаԥгарымызт аԥсадгьыли ажәлари рус аԥхьа изыргылоз арҿиаҩы.

2012 ш. рзы иҿахҵәеит апоет, аҵарауаҩ иԥсҭазаара. Аҵыхәтәантәи амш азынӡагьы илшарақәа аҿар реиҵааӡара иазкын. Аҟәеи Кәтоли игәаҵаҿы еиҟәыҭхашьа имамызт, урҭ рҟны иҟан  уасхырс имаз идац-ԥашә».

Аҟәатәи Иаарту аинститут аректор В. Кәарҷиа: «…2012 ш. март 1, аҧшьаша. Борис изаамҭаныз илекциақәа мҩаҧиган, сахьтәаз акабинет ашә ааимҧааны дааҩналеит. Иикыз игәыдымӡало иарҭмаҟ ажәжәаҳәа иаартны, қьаадқәак ааҭиган: «Валери, ушеилахоу збоит, аха ҿыц изҩыз жәеинраалак сузаҧхьоит», - иҳәан инапҩыларатә жәеинраала дысзаҧхьеит знык, ҩынтә. Нас ҿааиҭит: «Абри ажәеинраала абыржәы астудентцәа сырзаҧхьан, ибзианы ирыдыркылеит. Иссируп абарҭ ҳастудентцәа», - ҳәа дрызгәдуны дрыхцәажәон.

Асааҭ ҩба рыбжа ҟалахьан еиҧш иарҭмаҟ аашьҭихын ацара иҽазикит, саргьы сҩагылан инаскьагара гәҭакыс иҟаҵаны снаидгылеит, сиҳәеит – сиҳәацәҟьеит: «уаха уаҳҭаз, уажәы Чаарқыҭ уцоит, уаҵәы шаанӡа угыланы асааҭ 10 рзы ауниверситет аҿы алекциақәа мҩацугоит, ухәыҷым-уҳасым ҳәа. Ахәгьы аҿгьы сықәимыргылеит. «Уаха егьараангьы сымнеиргьы Нелли ахәыҷқәа «драцәажәо» анышәынҭра дышҭатәоу снеиуеит, дыргәыбзыӷны аҩныҟа днасымгозар», – иҳәеит иара. Излеилыскааз ала, иареи сареи ҳанеиҧырҵ ашьҭахь Очамчыра ицоз автобус дҭалеит. Кындыӷ днеиуаны Нелли аҭел дылзасит: «Сааҭыбжак ала аҩны сҟалоит, аҩныҟа быҩнал, ахьҭа былабымҵан, ҳмаҭацәа макьана ҳара ҳнапгьы рҭахуп». Амҩа ааихиҵәар, аҩны днеиуан, аха дзымнаӡеит аҩнынӡа... Анцәа ду иаҳцәигеит иҧсы, аха есқьынгьы иҟазаауеит ари адунеи аҿы инижьыз – Аҧсадгьыл абзиабара, ақьиара, шәҩыла, зқьҩыла иааӡамҭацәа...»

Апоет, ажурнал «Аԥсны аҟазара» аредактор хада Г. Аламиа: «…Апоет Борис Гәыргәлиа ииҩуаз ҧсҭазааран. Ипоезиа унагәылаҧшыр, ауаҩы дуаҩны дҟазҵо ихымҩаҧгашьа ҳәаақәызҵо аҧҟарра хадақәа алумкаар залшаӡом. Борис ипоезиаҿгьы дырҵаҩын. Зықьҩыла иара иааӡамҭацәа аҧсҭазаара аҟыба-ӡыбара инахыҳәҳәаны, ҳаракырак ахь изхьарҧшзар, Анцәа  илаиҵаз абаҩхатәра иабзоуроуп.

Иахьа Борис Гәыргәлиа дызнысыз амҩа уаныҧшылар, зџьар иаҵалан Голгофа ихалоз, ҳара знгьы ҳагәнаҳа ҳхыхны, ҳхацкы ицаз Иаса Қьырса уизымхәыцыр залшаӡом».

Алитература-театртә композициа «Аныҟәашәа» иалахәын С.И. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театри Аҳәынҭқарратә аҧсуа ҿартә театри рартистцәа, ашәаҳәаҩ А. Ферзба, ирыҧхьон апоет иажәеинраалақәа, иҩымҭақәа рцыҧҵәахақәа, иара убас апоетцәа А. Лагәлаа, Гә. Сақаниа. Иныбжьаршә-аабжьаршәны аекран аҟны ицәырҵуан Б. Гәыргәлиа иқәгыларақәеи иҿцәажәарақәеи рҟнытә авидеонҵамҭақәа рцыҧҵәахақәа.

Ахәылԥаз аҟны идырбаз Б. Гәыргәлиа иажәабжь  «Амаҿаҭыҧ» иалхны ҿыц иҭыху афильм арежиссиорс дрымоуп М. Аргәын (афильм аҩбатәи арежиссиор – И. Хәарцкиа).

Ахыркәшараан ахәылҧаз аҵакы еиҳагьы  иханарҭәаауан апоет иажәеинраалақәа иахьрыҧхьоз имаҭацәа.

В. Ажәанба